Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ - Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыз апартиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит афырхаҵара аадырҧшырц, уи Қырҭтәыла аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ – Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыз апартиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит афырхаҵара аадырҧшырц, уи Қырҭтәыла аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп
Абри аҟара апартиақәеи хазы иҟоу ахаҿқәеи аиқәшаҳаҭра рнапы ахьаҵарҩыз сеигәырҕьеит, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иара аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыз апартиақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит афырхаҵара аадырҧшырц, избанзар уи Қырҭтәыла аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп.
«Уаанӡагьы ишысҳәаз еиҧш, Британи Ду Қырҭтәыла анапхгаратә партиеи аоппозициеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит. Абри аҟара апартиақәа аиқәшаҳаҭра ранапы ахьаҵарҩыз сеигәырҕьоит. Ҳара аиқәшаҳаҭра знапы аҵазымҩыз апартиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит афырхаҵара аадырҧшырц, избанзар уи Қырҭтәыла аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп. Уи атәыла апрогресси евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциеи азы аҵакы ду амоуп. Британиа Ду абарҭ азҵаарақәа рҿы ишәыдгылоит», — иҳәеит Марк Клеитон.