Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа – Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амуниципалтә алхрақәа рахь ODIHR/OSCE амиссиа аарыҧхьарц, насгьы, ODIHR абжьагарақәа зегьы иазҧхьагәарҭарц
«Британиа Дуи Қырҭтәылеи рпартниорра шьақәгылеит адемократиатә принципқәа рырҕәҕәареи атәылауаҩратә уаажәларра ароль аизырҳареи аҽазышәара ашьаҭала», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит амуниципалтә алхрақәа рахь ODIHR/OSCE амиссиа аарыҧхьарц, насгьы, ODIHR абжьагарақәа зегьы иазҧхьагәарҭарц.
«Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амуниципалтә алхрақәа рахь ODIHR/OSCE амиссиа аарыҧхьарц, насгьы, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы иҟаҵаз аҳасабырбаҿы иазгәаҭоу ODIHR абжьагарақәа зегьы иазҧхьагәарҭарц. Ақырҭуа жәлар адемократиеи ахақәиҭреи рымазар рҭахуп. Британиа Дуи Қырҭтәылеи, иара убас, Қырҭтәылеи европатәи аинститутқәеи русеицура ари ахықәкы анагӡара иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.