Босниеи  Герцеговинеи аделегациа Қырҭтәыла алхратә администрациа аус шауа  еилыркааит   
Босниеи  Герцеговинеи аделегациа Қырҭтәыла алхратә администрациа аус шауа  еилыркааит   

Қырҭтәыла алхратә администрациа  иаҭааит Босниеи  Герцеговинеи аделегациа.

Босниеи  Герцеговинеи  алхратә администрациеи, Апарламенттә ассамблеиеи, егьырҭ аҳәынҭқарртә  усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа рыла еиҿкаау аделегациа Қырҭтәыла иаҭааит ҩымштәи аҵаратә визитла.

Иахьатәи аиҧылараҿы Қырҭтәыла алхратә администрациа ахаҭарнакцәа асасцәа ирзеиҭарҳәеит азакәанҧҵаратә ҿыцрақәеи, алхрақәа раан аелектронтә технологиақәа рхархәареи, иара убас, Ареформақәеи аҵареи ацентри, Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рырҿиара агентреи, хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи русушьеи иазкны.