Борис Џьонсон - Путин арбгареи ашьакаҭәареи рымҩа алихит, Еидҵоу Акралреи ҳадгылаҩцәеи ари иашьашәалоу аҭак азыҟарҵоит
Борис Џьонсон - Путин арбгареи ашьакаҭәареи рымҩа алихит, Еидҵоу Акралреи ҳадгылаҩцәеи ари иашьашәалоу аҭак азыҟарҵоит

Путин арбгареи ашьакаҭәареи рымҩа алихит, – асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы иҩит Еидҵоу Акралра аԥыза-министр Борис Џьонсон Украина арратә операциа алагара иадҳәаланы.

„Украина аҭыԥ змоу ахҭысқәа срықәыӡбоит. Ахада Зеленски сиацәажәеит иашьҭанеиуа ашьаҿақәа рыҟаҵара азҵаара иадҳәаланы. Путин арбгареи ашьакаҭәареи рымҩа алихит, Еидҵоу Акралреи ҳадгылаҩцәеи ари иашьашәалоу аҭак азыҟарҵоит“, – иҩит Борис Џьонсон.