Борис Џьонсон Иракли Ҕарибашвили иахь - Астратегиатә диалог "Уордроп" аформат иасимволу ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, иара убас, аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра ҿыци сазыразуп
«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр! Мшаҧы 27 рзы Британиа Дуи Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара инаркны 30 шықәса ҵуеит. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа Иеиду аҳразы аҵакы ду шрымоу», — иануп Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз аофициалтә шәҟәы аҟны. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура.
Борис Џьонсон иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи 30 шықәса Британиа Дуи Қырҭтәылеи крызҵазкәа апартниорра арҕәҕәаразы аус еицыруан.
«Сара ибзианы еилыскаауеит Владимир Путин ила хықәкыла, гыгшәыграла Украина ажәылара афакт амшала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла фырхаҵарыла изҿагылаз апроблемақәа иаҳа ишыхьанҭахаз. Британиа Дуи жәларбжьаратәи ауаажәларреи лабҿаба ирбоит ахақәиҭреи, адемократиеи, адунеи амилаҭқәеи рзы иаартны агрессиа шымҩаҧысуа. Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, шәтәыла евроинтеграциеи ҕәҕәала ҳшадгыло. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ҳпартниорра арҭбаара сақәгәыҕуеит», — иануп Борис Џьонсон ишәҟәы аҟны.