Борис Џьонсон - 2008 шықәсазы Қырҭтәыла, 2014 шықәсазы Украина иҟалаз ҳахәамԥшыкәа, ҳарҭ Урыстәыла агрессиа аурок ҳзымҵеит,
2008 шықәсазы Қырҭтәыла, 2014 шықәсазы Украина иҟалаз иахәамԥшыкәа, ҳара Урыстәыла агрессиа аурок ҳзымҵеит, – иҩит Британиа Ду аԥыза министр Борис Џьонсон “Ниу Иорк таимс” астатиа аҿы.
Џьонсон иажәақәа рыла, Урыстәыла аҵасқәа рыԥсахра аҭахуп, мраҭашәара адунеитә аиҿкаара ахьчароуп.
“Ҳара Европа иеффекту аанкылара еиҭашьақәҳаргылароуп. Уажәы Европа иҟоу аҭагылазаашьа, адунеи зегьы анырра анаҭоит,” – иҳәеит Џьонсон.
Британиа ду аԥыза-министр ишааицҳаз ала, Урыстәыла ацхырааразы жәларбжьаратәи агуманитартә коалициа аԥҵатәуп, ари азы уи аиҿцәажәара мҩаԥигоит Польшеи, Словакиеи, Венгриеи Чехиеи рлидерцәа рҟны.
Џьонсон иажәақәа рыла, Украина ахыхьчара арӷәӷәаразы, Путин ирежим аекономикатә ақәыӷәӷәара нагӡахароуп.
Британиа аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, мраҭашәара Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа “иҳәазо аиӷьтәра” апроцесс иаҿагылароуп.
Британиа аԥыза-министр истатиаҿ ишану ала, адипломатиа аҵак ҷыда амоуп, аха Украина аҽалархәрала, иара убас ирӷәӷәатәуп евроатлантикатә шәарҭадара.