Болниси 111 ҭыԥ змоу, иҳараку атехнологиақәа рыла еиқәыршәоу, апрофиль рацәа змоу ахәышәтәырҭа аартуп
Болниси 111 ҭыԥ змоу, иҳараку атехнологиақәа рыла еиқәыршәоу, апрофиль рацәа змоу ахәышәтәырҭа аартуп

Болниси 111 ҭыԥ змоу, иҳараку атехнологиақәа рыла еиқәыршәоу, апрофиль рацәа змоу ахәышәтәырҭа аартит.

Болнистәи ацентртә хәшәтәырҭа аартра ихы алаирхәит Агәабзиарахьчара аминистр Михеил Сарџьвелаӡе. Сарџьвелаӡе ахәышәтәырҭа апациентцәа ирыднагало амаҵзурақәа еиликааит.

Болнистәи ацентртә хәшәтәырҭаҿ арҽеиратә усурақәа мҩаԥган, ахәшәтәырҭа аинвентар ҿыц ала еиқәыршәоуп. Ахәшәтәырҭаҿ аус руеит: ахирургиатә, атерапиатә, ареанимациатә, аинтенсивтә хылаԥшра, аоториноларингологиатә, аневрологиатә, акардиологиатә, анирохирургиатә, агинекологиатә, атравматологиатә, аофтальмологиатә, арентгенологиатә, акомпьютертә томографиа аҟәшақәа. Иара убас аклиникаҿ иҟоуп диализ ахьымҩаԥырго астационар.