Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Болгариа Қырҭтәыла адгыларатә декларациа ахьаднакылаз, аҭоурыхтә ҟазшьа амоуп
Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Болгариа Қырҭтәыла адгыларатә декларациа ахьаднакылаз, аҭоурыхтә ҟазшьа амоуп

Болгариа Қырҭтәыла адгыларатә декларациа ахьаднакылаз, аҭоурыхтә ҟазшьа амоуп, избан акәзар абри еиԥш адокумент Болгариа амилаҭтә ассамблеиаҿ раԥхьаӡа акәны ирыдыркылеит, – иҳәеит Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Оҭар Берӡенишвили.

Болгариа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, адекларациаҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети шрыдгыло.

Болгариатә апарламент иаднакылаз адекларациаҿы, Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара иадгылоит. Адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла агеополитикатә алхра иҭбаау ауаажәларатә адгылара амоуп. Адекларациа Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара иаҿагылоит. Адокумент аҿы Болгариа даҽазнык аанарԥшуеит Қырҭтәыла асеверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло