Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус ирццаку анашьара ҳадгылоит, Еврокомиссиа 2022 шықәсатәи абжьгарақәа рынагӡара аганахьала иҟоу ақәҿиарақәа ҳазхаҵара рымоуп, — илҳәеит Болгариа апарламент Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Екатерина Захарова.
Захарова лажәақәа рыла, Қырҭтәыла Амшын Еиқәа арегиони Аладатәи Кавкази рҿы узықәгәыӷыртә иҟоу партниоруп.
«Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус ирццаку анашьара ҳадгылоит, Еврокомиссиа 2022 шықәсатәи абжьгарақәа рынагӡара аганахьала иҟоу ақәҿиарақәа ҳазхаҵара рымоуп. Адекларациа авторцәа Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи аинтеграциа адгылоит», — иазгәалҭеит Екатерина Захарова.
Болгариатә апарламент иаднакылаз адекларациаҿы, Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьара иадгылоит.