Бырзентәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит „Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара амилаҭтә арныҟәцаратә агәраргагақәа рызхаҵареи реиҭныҧсахлареи иазку” аиқәшаҳаҭра
2025 шықәса мшаҧы 8 рзы Бырзентәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит „Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара амилаҭтә арныҟәцаратә агәраргагақәа рызхаҵареи реиҭныҧсахлареи иазку” аиқәшаҳаҭра. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, Бырзентәыла Евроеидгыла иалоу ахҧатәи тәылоуп Қырҭтәылаҟны абри аҩыза аиқәшаҳаҭра здызкылаз.
Бырзентәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Бериӡе ишиҳәаз ала, Бырзентәыла апарламент ала абри аиқәшаҳаҭра аратификациа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәылеи Бырзентәылеи активла аус шеицыруа, реимадарақәа шыҕәҕәоу.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, Қырҭтәылеи Бырзентәылеи реиҳабырақәа ари аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2024 шықәса цәыббра 26 рзы. Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи апроцедурақәа рхыркәшара ашьҭахь, иахьа, Бырзентәыла апарламент ари аиқәшаҳаҭра шьақәнарҕәҕәеит. Аиқәшаҳаҭра амч аиуеит ақырҭуа аган аратификациа иазку аинформациа аофициалтә каналқәа рыла ианроулак ашьҭахь