Бырзентәыла абна абылра иахҟьаны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит
Бырзентәыла абна абылра иахҟьаны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит.
“Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа!
Аттика атерриториаҿ, Варнавеи, Родополиси, Стаматаси, Амигдалезамеи рҿы иҟоу амцакра иахҟьаны адырра шәаҳҭоит:
Бырзентәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи Бырзентәыла аклиматтә кризисқәеи атәылауаа ршәарҭадареи рминистрраҟны аимадара амоуп.
Ацҳаражәҳәараҿ 24 сааҭтәи арежимла аус ауеит ацәаҳәа ҷыда (+306952220000), Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтә макьана аацҳамҭа ҳамамызт.
Ҳшәыҳәоит, Бырзентәыла иашьашәалоу аусҳәарҭақәа аладырҵәаз абжьагарақәа шәрыцныҟәарц.
Ишәыдаагалоит иашьҭанеиуа аҭел номерқәа: Бырзентәыла аполициа – 100, амцарцәаратә маҵӡура – 199, ацхыраара лас – 166“, – иануп аҳәамҭа аҿы.