Блохини Беланови босницәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Урыстәыла аизгаҟны аматч мап ацәыркырц #1TVSPORT
Украина Ашьапылампыл азы афедерациа ахада Андреи Павелко иҳәамҭала, Олег Блохини Игорь Беланови Босниеи Герцеговинеи аизга ахәмарҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Урыстәыла аизгаҟны аиҩызаратә матч мап ацәыркырц.
Урыстәыла ала Украина ажәылара инаркны, раҧхьаӡа акәны, Ашьапылампыл аҩнаҿы, ишиашо ицо аефирла, афедерациа анагӡаратә комитет аилатәара мҩаҧган.
«Афедерациа алахәылацәа зегьы, еицҿакны, аусхәаҧштә актәи апункт иақәшаҳаҭхеит, уи инақәыршәаны, Босниеи Герцеговинеи Ашьапылампыл азы афедерациахь ааҧхьара ҟаҳҵеит абҵара 19 рзы Урыстәылаҿ Урыстәыла аизгаҟны имҩаҧысраны иҟоу аиҩызаратә матч азы мап ркырц.
Иара убас, Европа иреиҕьу ахәмарҩцәа Олег Блохини Игорь Беланови Босниеи Герцеговинеи аизга ахәмарҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит абри аҩыза аматч рхы аладмырхәырц.
Аурысцәа, аматчқәа рзы акәымкәа, Украина иазааргар аҧхасҭа ахарҭәааразы рҽазыҟарҵароуп, ҳтәыла ашьапылампылтә инфраструктура иаиуз аҧхасҭагьы уахь иналаҵаны. Нагӡара ақәзааит Украина!», — иҩит Павелко Facebook аҿы.