Bloomberg - Дональд Трамп  Норвегиа аҧыза-министр ашәҟәы изиҩит: «Шәара шәтәыла Нобель ипремиа сықәнагам ҳәа  иаӡбеит, убри аҟынтә, саргьы уаҳа  аҭынчра мацара азхәыцра сықәнагам ҳәа сгәы иаанагоит»
Bloomberg - Дональд Трамп  Норвегиа аҧыза-министр ашәҟәы изиҩит: «Шәара шәтәыла Нобель ипремиа сықәнагам ҳәа  иаӡбеит, убри аҟынтә, саргьы уаҳа  аҭынчра мацара азхәыцра сықәнагам ҳәа сгәы иаанагоит»

Америка ахада Дональд Трамп  Норвегиа аҧыза-министр  Ионас Гар Стере изиҩыз ашәҟәы аҟны ишазгәеиҭаз ала, аҭынчра иазку Нобель ипремиа ахьирымҭаз амшала, уажәшьҭа иаргьы аҭынчра мацара азхәыцра ихәҭам.

Ари атәы аанацҳаит агентра  Bloomberg.

Аинформациа инақәыршәаны, ашәҟәы аҟны Трамп иазгәеиҭеит иара 8 еибашьрак рхыркәшара шилшаз, аха, уезгьы Нобель ипремиа ирымҭеит.

Трамп иажәақәа рыла, уажәшьҭа иара  «Америка иазеиҕьу мацара дазхәыцеит».

«Ҳара Гренландиазы ахылаҧшра наӡа  ҳмоур, адунеиаҿ ашәарҭадара зыҟалом», — иҩит Трамп.

Нобель ипремиа анашьаразы аӡбара аднакылоит Осло иҟоу Нобель икомитет. Норвегиа аҧыза-министр иҳәамҭала,  Норвегиа, ари апроцесс азы анырра амам.

«Зегьы ишырдыруа еиҧш,  Нобель ипремиа анашьаразы аӡбара аднакылоит ихьыҧшымкәа аус зуа  Нобель икомитет, Норвегиа аиҳабыра ракәымкәа, Сара Трамп изныкымкәа уи иасҳәахьеит», — иҳәеит Норвегиа аҧыза-министр.