Биӡинеи Екатеринеи Иванишвилиаа – Баҭым иҟалаз арыцҳара даараӡа ҳгәы иалсит
Биӡинеи Екатеринеи Иванишвилиаа Баҭым иҟалаз арыцҳара ахьаа ду рызцәырнагеит.
«Баҭым иҟалаз арыцҳара, ҩыџьа ахәыҷқәа рҭахара даараӡа ҳгәы иалсит.
Ари иуадаҩӡоу аамҭазы аҭаацәара зырҭынчша ажәақәа рыҧшаара уадаҩуп, рхьаа шдуу ажәала иузеиҭаҳәом.
Иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәеи руацәеи, Аҷара арегиони, ҳуааҧсыреи гәыкала ҳрыдашшылоит», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» Facebook даҟьаҿ Иванишвилиаа иаладырҵәаз адашшылараҿы.