Биӡина Иванишвилии Екатерина Хведелиӡеи Лиана Исакаӡе лҭаацәара ирыдашшылеит
Биӡина Иванишвилии Екатерина Хведелиӡеи Лиана Исакаӡе лҭаацәара ирыдашшылеит

«Адунеи еицырдыруа амузыкан, аскрипкарҳәаҩы Лиана Исакаӡе лыҧсра даараӡа ҳгәы иалсит», — иануп  Биӡина  Иванишвилии иҧҳәыс  Екатерина  Хведелиӡеи рыдашшыларатә шәҟәы аҟны.

Биӡина Иванишвилии Екатерина Хведелиӡеи Лиана Исакаӡе лҭаацәара ирыдашшылеит.

«Лиана Исакаӡе ҳаамҭазтәи аепохаҿ адунеи иреиҕьу амузыкантцәа дреин, амузыкатә ҟазара аҿиареи аӡыргареи аус аҿы хәы змам алагала ҟалҵеит. Лара лыхәмаршьа иалкаан артистизми, аҵаулареи, зеиҧшҟамлац атехникеи рыла.

Ҳаҭыр зқәыз Лиана лҭаацәареи, луацәеи, лколлегацәеи, инеизакны ақырҭуа жәлари гәыкала ҳрыдашшылоит», — иануп адашшыларатә шәҟәы аҟны.

Амузыкант, аскрипкарҳәаҩы  Лиана Исакаӡе  78 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.