Биӡина Иванишвилии Екатерина Иванишвилии Қырҭтәыла апатриарх имшира идырныҳәалоит
Биӡина Иванишвилии Екатерина Иванишвилии Қырҭтәыла апатриарх Илиа аҩбатәи имшира идырныҳәалоит.
“Иахьа Қырҭтәыла зегьы акатоликос-патриарх, Мцхеҭеи Қарҭи рыҷҟәандар хада, Пицундеи Цхәым-Аԥсни рмитрополит, иԥшьоу Илиа аҩбатәи 92 шықәса ихыҵуит.
Ақырҭуа ауаажәларра рдоуҳатә аӷәӷәара ахьчареи арӷәӷәареи рус аҿы илагала дуӡӡоуп. Иџьеи ихмеигӡареи ахә рымам – 47 шықәса ҵуеит, ҳпатриарх ақырҭуа милаҭ ракзаареи, рхатәҟазшьареи ахәынаӡарақәеи дрыхьчоижьҭеи.
Апату дуи абзиабареи рыла ҳпатриарх имшира идаҳныҳәалоит. Агәабзиареи, кыр шықәса анҵреи, Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама иҵегьы акыр шықәса анапхгараҭареи изеиӷьаҳшьоит”, -иануп “Ақырҭуа гәахәтәы” апрессмаҵзура аланарҵәаз адныҳәалара аҿы.