Биӡина Иванишвили  - Жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра алхра аҟаҵара рзымариахоит, ма аҧсадгьыл змам ачарҳәаҩцәа иахьеизаз аколлективтә радикалтә оппозициа, ма амилаҭтә политкиатә мчы  „Ақырҭуа гәахәтәы“
Биӡина Иванишвили  - Жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра алхра аҟаҵара рзымариахоит, ма аҧсадгьыл змам ачарҳәаҩцәа иахьеизаз аколлективтә радикалтә оппозициа, ма амилаҭтә политкиатә мчы  „Ақырҭуа гәахәтәы“

Жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра алхра аҟаҵара рзымариахоит, ма аҧсадгьыл змам ачарҳәаҩцәа иахьеизаз аколлективтә радикалтә оппозициа, ма амилаҭтә политкиатә мчы  „Ақырҭуа гәахәтәы“, – иҳәеит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили апартиа алхраҧхьатәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қәҭешь имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла,  ауааҧсыра алхрақәа рахь инеины,  рыбжьы  „Ақырҭуа гәахәтәы“ иарҭароуп, избанзар, арегионаҿгьы адунеиаҿгьы имҩаҧысуа ахҭысқәа рфонаҿ,  ианакәызаалакгьы Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара алшара цәырҵыр ауеит.

„Шәара шәхаҭагьы ибзианы ижәдыруеит аколлективтә  „Амилаҭтә ҵысра“ Қырҭтәыла иахәаша аусқәа зегьы ишырҧырхагоу, зегьы реиҳа ргәы ҧнажәоит  аҭынчмҩала, аинааларала, аибанажьрала Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара азҵаара.  Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны,  жьҭаара 26 рзы ҳуааҧсыра алхра аҟаҵара рзымариахоит, ма  аибашьреи, аилаҩынтәреи, амчылареи, амцҳәареи, атәым интересқәа рықәныҟәареи рсимволс зхы аазырҧшыз, аҧсадгьыл змам ачарҳәаҩцәа иахьеизаз аколлективтә радикалтә оппозициа, ма   „Ақырҭуа гәахәтәы“ – акыршықәса рыҩныҵҟа атәылеи ажәлари ринтересқәа ирықәныҟәо, мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи, иаҧсоу европатәи аҧеиҧши еиқәзыршәо  амилаҭтә политикатә мчы“, – иҳәеит Биӡина Иванишвили.