Биӡина Иванишвили – Жьҭаара 26 рзы ҳара хымҧада аиааира ҳгоит, ақырҭуа гәахәтәы еицынаҳагӡоит
Жьҭаара 26 рзы алхрақәа рахь ҳнеины, ҳтәыла аҭынчратә ҧеиҧш аиқәыршәаразы иаҭаху ашьаҿа ҟаҳҵап, аҭынчреи, аҳаҭыри, Европа ахырхарҭала ацареи азыҳәан жьҭаара 26 рзы хымҧада аиааира ҳгоит, ақырҭуа гәахәтәы еицынаҳагӡоит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Амбролаури имҩаҧгаз алхраҧхьатә амитинг аҿы данықәгылоз.
Иванишвили ишиҳәаз ала, жьҭааразы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» хыамҧада, еиҭах аколлективтә «Амилаҭтә ҵысра» иаиааироуп.
«Атәым мчқәа рагентцәа рыла еиқәыршәоу аколлективтә амилаҭтә ҵысра уаҳа ақырҭуа жәлар рызжьом, убри аҟынтә, алхра аҟаҵара мариоуп – иахьазы ганкаҿ игылоуп аҭынчреи, ашәҭыкакаҷреи, аҳаҭыри, егьи аганаҿ – аибашьреи, аҕарреи, атәреи. Ақырҭуа жәлар ҟәышуп, убри аҟынтә, гәрагарала исҳәар сылшоит жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы амилаҭтә суверинитет аидеиеи атрадициатә принципқәеи аиааира шырго, аха, акыраамҭала аҭынчреи ашәарҭадареи ахьчаразы, ҳара аконституциатә аиҳарала аиааира ҳгароуп», — иҳәеит Иванишвили.