Биӡина Иванишвили  - Жьҭаара  26 рзы алхрақәа рахь шәнеины  „Ақырҭуа гәахәтәы“ шәадгылар,  агарантиа ҕәҕәа шәоуеит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагаларц аӡәгьы ишизыҟамҵо,  ахара зду  ахьырхәра ҕәҕәа шроуа
Биӡина Иванишвили  - Жьҭаара  26 рзы алхрақәа рахь шәнеины  „Ақырҭуа гәахәтәы“ шәадгылар,  агарантиа ҕәҕәа шәоуеит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагаларц аӡәгьы ишизыҟамҵо,  ахара зду  ахьырхәра ҕәҕәа шроуа

Жьҭаара  26 рзы алхрақәа рахь шәнеины  „Ақырҭуа гәахәтәы“ шәадгылар,  агарантиа ҕәҕәа шәоуеит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагаларц аӡәгьы ишизыҟамҵо,  ахара зду  ахьырхәра ҕәҕәа шроуа, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Русҭави  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә кампаниа арегионалтә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Биӡина Иванишвили ишиҳәаз ала,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә мчы заҵәуп иуадаҩӡоу агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы  12 шықәса рыҩныҵҟа, еиҧҟьарада,  аҭынчра ахьчара зылшаз.

„Жьҭаара  26 рзы алхрақәа рахь шәнеины  „Ақырҭуа гәахәтәы“ шәадгылар,  агарантиа ҕәҕәа шәоуеит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагаларц аӡәгьы ишизыҟамҵо,  ахра зду  ахьырхәра ҕәҕәа шроуа.  Ааи,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ ауп абри аҩыза агарантиа шәызҭо,  избанзар, „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә мчы заҵәуп иуадаҩӡоу агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы,  арегионаҿ аимакқәа аныҟаз,    зеиҧшҟамлац аџьабаа ахарџьла, 12 шықәса рыҩныҵҟа, еиҧҟьарада,  аҭынчра ахьчара зылшаз.  Ари аганахьала иахьагьы ашәарҭа шыҟоугьы,  ажәа шәысҭоит хаҭала сара,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә гәыҧ срывагыланы, иҟалалакгьы,  Қырҭтәыла аибашьреи абомбақәа алажьреи  шалсмыршо! Адунеиаҿ  аглобалтә аиҭакрақәа мҩаҧысуеит, убри аҟынтә,  аҭынчра аҵакы ду амоуп. Акыраамҭатәи ҳгәахәтәы анынагӡахо, ҭынчмҩала Қырҭтәыла аидҵара анҳалшо аамҭа ааигәахоит ҳәа сгәы иаанагоит,“- иҳәеит Биӡина Иванишвили.