Биӡина Иванишвили - Сареи сыԥшәмеи агәалсра ду ааҳарԥшуеит Гиви Шахназар иԥсҭазаара иалҵразы
“Ақырҭуа гәахәтәы” пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Гиви Шахназар иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.
“Сареи сыԥшәмеи агәалсра ду ааҳарԥшуеит апоет, аиҭагаҩ Гиви Шахназар иԥсҭазаара иалҵразы.
“Ақырҭуа литература аҿиара аус аҿы Гиви Шахназар илагала дууп. Уи ақырҭуа уаажәларра ирзаанижьит Саиаҭ-Нова иажәеинраалақәеи, ашәамахь, аԥсуа, ауаԥс поезиа аиҭагақәа. Гиви Шахназар иҭаацәара, иҩызцәа, иколлегацәа ҳрыдашшылоит”, -иануп адашшылара аҿы