Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II иинтронизациа инаркны 47 шықәса аҵра идиныҳәалеит
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II иинтронизациа инаркны 47 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
«Аҳаҭырқәҵара дула, абзиабара дула Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II иинтронизациа инаркны 47 шықәса аҵра идысныҳәалоит.
Иахьатәи амш ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәамазы аҭоурыхтә ҵакы амоуп.
Акыршықәса ирылагӡаны иаҳа-иаҳа иубарҭахеит 47 шықәса раҧхьа Ақырҭуа Аиашахаҵаратә Уахәамаҿ аера ҿыц ишалагаз.
Ҳаҧшьаҩы, иара изы иҟазшьарбагоу аҟәышреи, ауаа ирзааирҧшуа абзиабара дуи рыла, ҳара — идоуҳатә хылҵ – ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи ҳпринципқәеи рыхьчара наигӡоит. Иҵегьы акыршықәса ирылагӡаны Ақырҭуа уахәама ахагылазаара изеиҕьасшьоит», — иануп Биӡина Иванишвили идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.