Биӡина Иванишвили – Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла ахадас иалхра идысныҳәалоит
Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла ахадас иалхра идысныҳәалоит, ҳтәыла ақырҭуа патриотҵәҟьа, иаҧсоу апрезидент иалхра адысныҳәалоит, — иаҳәоуп «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Иванишвили иҳәамҭала, Ҟавелашвили иинаугурациа ашьҭахь атәылаҿы ауаа реиҟәшареи аполиаризациеи аҵыхәа ҧҵәазаауеит.
«Агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили ари аинститут Аконституциа аҳәаақәа рахь иширхынҳәуа, иара убас, иара ҳажәлар реидҵареи ҭынч реицынхареи аҿы ароль ҷыда наигӡоит», — иануп Иванишвили иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.