Биӡина Иванишвили иааихәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра уаҵәы Қарҭҟа иааргоит
Биӡина Иванишвили иааихәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра уаҵәы Қарҭҟа иааргоит

Биӡина Иванишвилии иҭаацәареи  иаархәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра уаҵәы, асааҭ  09:30 рзы Қарҭҟа иааргоит. Ауникалтә анапҩыра аҳәынҭқарра ҳамҭас иарҭоит.

Биӡина Иванишвили ари анапҩыра ааихәеит рашәара 11 рзы,   Christie’s аукционаҿ,  миллион афунт ҳәа.

Аукционаҿ ицәырган  Синаитәи ашьха (V-VII вв.) аколлекциа аҟынтә ақырҭуа анапҩыра арамеитәи ақырҭуеи бызшәақәа рыла. Атекст хәҭак ихиҩаалеит абер  Иоанне-Зосиме, анапҩыра  1 000 000 – 1 500 000 афунт   стерлинг иаҧсан. Уи ақьырсиантә Палестинаҿ арамеитәи  бызшәала иаҧҵаз зҵакы дуӡӡоу фрагментуп.

Анапҩыра иалоуп Евангели ажәытәӡатә текстқәа арамеитәи абызшәа иазааигәаӡоу адиалектла – Қьырса идиалектла.

Абер  Иоанне-Зосиме ақырҭшәала ихиҩаалаз анапҩыра  Екатерина цқьа лыхьӡала Синаи иҟоу аберҭыҧ аҿы ишьан.