Биӡина Иванишвили   Christie’s аукционаҿ иааихәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра Амилаҭтә музеи аҿы ишьҭарҵеит
Биӡина Иванишвили   Christie’s аукционаҿ иааихәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра Амилаҭтә музеи аҿы ишьҭарҵеит

Биӡина Иванишвили   Christie’s аукционаҿ иааихәаз Иоанне-Зосиме иуникалтә анапҩыра Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи аҿы ишьҭарҵеит

Иахьа ари анапҩыра Қырҭтәылаҟа иааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ иҟан акультура аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩи, Аҟазара амузеи адиректор ихаҭыҧуаҩи, адоуҳатә хаҿқәеи.

Аҳаирбаҕәазантә анапҩыра зны Апатриархиашҟа инаргоит, анеҩс, Амилаҭтә музеи ашҟа ииаргоит. Аханатә анапҩыра цәырыргоит Ахьтәы фондаҿ, изҭаху ауаа зегьы анапҩыра рбар рылшоит. Анеҩс, аҵарауаа ари анапҩыра шьаҭанкыла аҭҵаара иалагоит.

Биӡина Иванишвили Christie’s аукционаҿ ари анапҩыра ааихәеит сынтәа рашәара 11 рзы, миллион 250 нызқь афунт стерлинг ҳәа.