Биӡина Иванишвили – Ахьырхәреи асанкциақәеи алҵшәа рхылымҵит, егьрхылҵуам, ауааҧсыра имҽыҕыу аҳәамҭақәа ргәы ҧыржәоит
«Аҳәамҭақәа реиҳара ашантажуп хықәкыс ирымоу. Ашантаж акгьы ахылымҵит ҳәа сгәы иаанагоит, арегионқәа рҿы саныҟоу лабҿаба избоит ҳажәлар шҟәыҕоу», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили ателееилахәыра «Имеди» аефираҿ.
Иара иажәақәа рыла, ауааҧсыра имҽыҕыу аҳәамҭақәа ргәы ҧыржәоит. Иара убас, Иванишвили игәаанагарала, ахьырхәреи асанкциақәеи алҵшәа рхылымҵит, егьрхылҵуам.
«Ауааҧсыра иобиективым, имҽыҕыу аҳәамҭақәа ргәы ҧыржәоит. Уи алҵшәа ахылымҵит, егахылҵуам. Ахьырхәреи асанкциақәеи ҳрылацәажәозар, дара иҟарҵаз уигьы алҵшәа рзаанамгеит, егьрзаанагом. Ҳара убри ада акыр ҳазыҧшума? Хаҭала сара уаҳа акгьы сазыҧшым. Дара ирҭахыз, ирылшоз зегьы ҟарҵахьеит ҳәа сгәы иаанагоит, аха, алҵшәак рмоуит. Ҳуааҧсыра абри зегьы агәра ганы ирасҳәоит, избанзар, уахгьы-ҽынгьы абри аус ауп сызҿу, арегионқәагьы ақалақьқәагьы здыруеит, уаҟа аҭагылазаашьа здыруеит, дара акгьы рылымшеит, избанзар, иҟарҵоз зегьы ашантажи иобиективым аинформациеи ашьаҭала иҟарҵон», — иҳәеит Биӡина Иванишвили.