Биӡина Иванишвили - Ашәышықәсақәа рыбжьара ақырҭуааи ауаԥсааи ирыбжьаз аиҩызара агәаларшәара, аиҟәшаратә цәаҳәа нхыҵи аахыҵи иқәынхо ауааԥсыра рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылараҿы ииашоу мҩахоит
Ашәышықәсақәа рыбжьара ақырҭуааи ауаԥсааи ирыбжьаз аиҩызара агәаларшәара, аиҟәшаратә цәаҳәа нхыҵи аахыҵи иқәынхо ауааԥсыра рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылараҿы ииашоу мҩахоит
“Иахьа ҳаззегьы ибзиаӡаны еилаҳкаауеит 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьра ақырҭуааи ауаԥсааи рҭахрала шаламгаз. Ари ашьакаҭәаратә аимак аҿаҵаҩцәа изусҭцәадаз анеилаҳкаауа, ари аимак алагаразы аҿаҵа назыгӡаз ақәнагаа анрықәҵахо, аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара амш аусхәаԥштә аҿы изҵаара хадахоит”, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Гори данықәгылоз.
Биӡина Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, жьҭаара 26 рзы имҩаԥысуа алхрақәа рышьҭахь, “аимак аҿаҵаҩцәа изусҭцәадаз анеилакаахо, ақырҭуааи ауаԥсааи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭазтәаз ақәнагаа анрықәҵахо, “Амилаҭтә ҵысра” рчарҳәара амзызла 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа рзы аҭамзаара ашьҭаҵара ҳалшоит”.
“Ашәышықәсақәа рыбжьара ақырҭуааи ауаԥсааи ирыбжьаз аиҩызара агәаларшәара, аиҟәшаратә цәаҳәа нхыҵи аахыҵи иқәынхо ауааԥсыра рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылараҿы ииашоу мҩахоит”, – иҳәеит Иванишвили.