Биӡина Иванишвили ашьапылампылтә аизга алахәылацәа аиааира рыдиныҳәалеит  - 4:1 Амилаҭқәа рлигаҿ, Чехиа аизгаҟны аматч аҿы аиааира агара ала  ҳгәыҧ алахәылацәа даҽазнык даараӡа  ҳдыргәырҕьеит
Биӡина Иванишвили ашьапылампылтә аизга алахәылацәа аиааира рыдиныҳәалеит  - 4:1 Амилаҭқәа рлигаҿ, Чехиа аизгаҟны аматч аҿы аиааира агара ала  ҳгәыҧ алахәылацәа даҽазнык даараӡа  ҳдыргәырҕьеит

„Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа аиааира рыдиныҳәалеит.

Иванишвили идныҳәаларатә шәҟәы ишану ала,  аизга алахәылацәа ақырҭуа азгәыбылҩцәа даҽазнык агәырҕьара ду рзааргеит.

„Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа аиааира рыдысныҳәалоит. – 4:1 Амилаҭқәа рлигаҿ, Чехиа аизгаҟны аматч аҿы аиааира агара ала ҳгәыҧ алахәылацәа даҽазнык даараӡа  ҳдыргәырҕьеит. Европа ачемпионатаҿ қәҿиарала аицлабра ашьҭахь лабҿаба иубарҭахеит ақырҭуа шьапылампыл аҿы аепоха ҿыц шалагаз, иацтәи ахәмаррагьы уи шьақәнарҕәҕәеит. Амилаҭтә аизга иалоу ахәмарҩцәеи, иара убас, ақәҧара зылшо,  ҳгәы зыздуу абри агәыҧ ҕәҕәа ашьақәгылараҿы алагала ҟазҵаз ауаа зегьы ирыдысныҳәалоит. Агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟ аиааирақәа рацәа шаабо“, – иануп Биӡина Иванишвили ишәҟәы аҟны.