Биӡина Иванишвили ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга аиааира рыдиныҳәалан, ҳамҭас 30 миллион лари риҭеит, агәыԥ иашьҭанеиуа аетап ахь аиасра алшар, иҵегьы 30 миллион лари аиуеит
Биӡина Иванишвили ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга аиааира рыдиныҳәалан, ҳамҭас 30 миллион лари риҭеит, агәыԥ иашьҭанеиуа аетап ахь аиасра алшар, иҵегьы 30 миллион лари аиуеит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга аиааира рыдиныҳәалеит.

«Ақырҭуа гәахәтәы» апрессмаҵзура аинформациа ала, ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга ҳамҭас 30 миллион лари аиуеит.

Иара убас,  1\8 финал аҿы аиааира ганы, агәыԥ иашьҭанеиуа аетап ахь аиасра алшар, иҵегьы 30 миллион лари аиуеит.

Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат агәыҧтә етап аҵыхәтәантәи аматч аҿы  2:0 ҳәа Португалиа иаиааит.  Ақырҭуа ашьапылампыл аҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц аартуп. Ақырҭуа аизга ахатә раҧхьатәи Европа ачемпионатаҿ афинал 1/8  ахь ииасит!