Биӡина Иванишвили ақырҭуа спортсменцәа Парижтәи аолимпиадаҿ ақәҿиара ду рыдиныҳәалеит
“Ақырҭуа гәахәтәы” пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили ақырҭуа спортсменцәа Парижтәи аолимпиадаҿ ақәҿиара ду рыдиныҳәалеит.
“Ҳӡиудоистцәа – Тато Григалашвилии, Лаша Беқаурии, Илиа Суламаниӡеи аолимпиадаҿ ақәҿиарақәа рыдысныҳәалоит.
24 шықәса зхыҵуа Тато Григалашвили хынтәтәи аолимпиантә чемпион, Европа хынтәтәи ачемпион, аолимпиатә вице-чемпион иоуп. Иашьҭанеиуа аолимпиада уи аолимпиатә чемпион ититул шиоуа агәра згоит.
24 шықәса зхыҵуа Лаша Беқаури ақырҭуа спорт легендас дырдыруеит.
23 шықәса зхыҵуа Илиа Суламаниӡе аолимпиатә хәмаррақәа раԥхьаӡа акәны дрылахәуп, уи араӡнытә медал аиура илшеит. Наҟ-наҟ уи ирацәаӡаны аиааирақәа шизыԥшу агәра згоит.
Ҳспортсменцәа ақәҿиарақәа ирзеиӷьасшьоит”, – иануп адныҳәалара аҿы.