Биӡина Иванишвили – «Ақырҭуа гәахәтәы» , ҳажәлар рыцхыраарала, адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ауаҩы иаҳаҭыр пату ақәҵареи ашьаҭала аҳәынҭқарра аргылара иалагеит
«Акыршықәса рыҩныҵҟа ҳара изныкымкәа ишьақәҳарҕәҕәахьеит ҳтәыла аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду шҳаду, шәаргьы, в 2012 шықәсазы, атәыла зегьы иуадаҩӡоу аамҭа ианҭагылаз, шәҳадгыланы, «Ақырҭуа гәахәтәы» шәадгыланы, «Амилаҭтә ҵысра» арежим шәаҿагылеит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Ахалцихе иқәгылараан.
Биӡина Иванишвили ишиҳәаз ала, ахатә аинычҳарала адунеи аҿы идыру ҳтәылаҿ «Амилаҭтә ҵысра» аетникатәи арелигиатәи дыргала ауаа еиҿадыргылон. Иара иажәақәа рыла, ҧасатәи аиҳабыра Самцхе-Џьавахеҭи иқәынхо ауааҧсыра ауаажәларрашҟа ринтеграциа иаҧырхаган.
««Амилаҭтә ҵысра» аетникатәи арелигиатәи дыргала ауаа еиҿадыргылон. Ҧасатәи аиҳабыра Самцхе-Џьавахеҭи иқәынхо ауааҧсыра ауаажәларрашҟа ринтеграциа иаҧырхаган. Дара аҭыҧантәи ауааҧсыра ақырҭуа бызшәа рҵарцаз акгьы ҟарымҵеит, насгьы, аҭыҧантәи ауааҧсыра рхатә бызшәа ахьчараҿы ирыцхраауамызт. Абри зегьы хықәкык акәын иамаз – Самцхе-Џьавахеҭи иқәынхо ауааҧсыра ауаажәларрашҟа ринтеграциеи атәыла аполитикатә ҧсҭазаараҿы рылахәызаареи иаҧырхаган. Аха, аҭыҧантәи ауааҧсыра реиҳара абри зегьы иамыхәаҧшкәа, афырхаҵара аарҧшны, ҳагәра ганы, «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылеит. Иахьа шәфырхаҵара алҵшәа ҳбеит – ҳара, шьаҿа-шьаҿала, ҳажәлар рыцхыраарала, адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ауаҩы иаҳаҭыр пату ақәҵареи ашьаҭала аҳәынҭқарра аргылара ҳалагеит», — иҳәеит Биӡина Иванишвили.