Биӡина Иванишвили - „Ақырҭуа гәахәтәы“ ада, Қырҭтәылаҿ ахатә тәылеи ажәлари ирызхәыцуа уаҳа аполитикатә мчык иҟам
Биӡина Иванишвили - „Ақырҭуа гәахәтәы“ ада, Қырҭтәылаҿ ахатә тәылеи ажәлари ирызхәыцуа уаҳа аполитикатә мчык иҟам

„Ақырҭуа гәахәтәы“ ада, Қырҭтәылаҿ ахатә тәылеи ажәлари ирызхәыцуа уаҳа аполитикатә мчык иҟам, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили Баҭым анапхгаратә партиа алхратә кампаниа арегионалтә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ мацароуп иара ахаҭа излагаз аус аҵыхәанӡа анагара зылшо,  „ҳаҭырла,  ҭынч,  мышхәыбзазарала Қырҭтәыла Евроеидгылахь алалара аиқәыршәара“.

„Жьҭаара 26 рзы алхра аҟаҵара мариахоит,  избанзар,  изныкымкәа ишьақәырҕәҕәан   „Ақырҭуа гәахәтәы“ ада,  Қырҭтәылаҿ ахатә тәылеи ажәлари ирызхәыцуа,  аҭышәынтәалареи,  мышхәыбзазареи,  аҭынчреи,  аекономикатә азҳареи аиқәыршәара зылшо  уаҳа аполитикатә мчык шыҟам.

Ҳара заҵәы ҳауп ҳазлагаз аус аҵыхәанӡа анагара зылшо, ҳаҭырла,  ҭынч,  мышхәыбзазарала Қырҭтәыла Евроеидгылахь алалара еиқәзыршәо.

Убри ацынхәрас,  атәыла анҭыҵынтә иҳадаргалоит аибашьреи  арбгареи ҳзаазго агентура. Убри аҟынтә, жьҭаара 26 рзы даҽазнык ҳтәыла еиқәҳархароуп,  алхра ҟаҳҵароуп  – атәра ма ахақәиҭра,  атәым тәыла анапаҿы аҟазаара ма ахьыҧшымра,  аибашьра ма аҭынчра.

Агәра ганы сыҟоуп ҳаҧсадгьыл азы ахадаратә ҵакы змоу ақәҧараҿы абри иҧшӡаӡоу акәакь ахылҵ Қырҭтәыла акзаареи ахьыҧшымреи ишадгыло.

Иныҳәазааит ихьыҧшым,  иаку,  зхы иақәиҭу Қырҭтәыла ҕәҕәа. Анцәа даҳхылаҧшааит“,- иҳәеит Биӡина Иванишвили.