Биӡина Иванишвили аҳәамҭа ҟаиҵеит
Биӡина Иванишвили аҳәамҭа ҟаиҵеит

Апариа “Ақырҭуа гәахәтәы” ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвили аҳәамҭа ҟаиҵеит:

“Раԥхьаӡа иргыланы, европатәи ахәынаӡарақәа гәык ала ирызныҟәо изныкымкуа шьақәзырӷәӷәаз ақырҭуа уаажәларра пату ду шрақәысҵо иазгәасҭар сҭахуп. Ахақәиҭра аиҭашьақәыргылара 30 шықәсатәи аиубилеи азы ақырҭуа жәлар даҽазнык аанарԥшит анамыси, ахақәиҭреи ахбыԥшымреи дара рзы аҵак ҷыда шамоу, зыҿҳәара кьаҿу адемократиа иахәамԥшыкәа, аҟәыӷара ду щамоу.

Аполитикантә сцеижьҭеи шықәсыки бжаки ҵит. Уинахыс ажәлар ирысҭаз ажәа насыгӡон, аполитика салахәымызт. Аҳәамҭа заҵәык ҟасҵеит, уигьы сыхьӡ ала аспекулиациақәа рылшара аӡәгьы имазар азы Аполитикатә процессқәа рнырра сҭахымызт.

Иара убас, ари атәыла ахылҵ иаҳҳасабла, Қырттәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа икылкааны срыцклаԥшуан. Арегион аҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа цәгьа афон аҿы, Қырҭҭәылеи анапхгаратә гәыԥи ахьаа аазго апроцессқәа рыҿагылара иаҿуп. Қырҭтәылеи уи анапхгареи рҭагылазаашьа арцәгьоит мчқәак Қырҭтәыла аибашьра аҽалагара ахьырҭаху афакт. Ари азҵаара иахьазы актуалра ду амоуп.

Ауадаҩра дуқәа ирыхәмԥшыкәа, анапхгаратә гәыԥ аусура иаша мҩаԥнагеит, ииашоу апринциптә позициа аанарԥшит. Ари иабзоураны Қырҭтәыла аибашьра аҽалагара ашәарҭа иҟам. Аха, Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа, ҳтәылаҿ аибашьра алагара ашәарҭа ду иҟан.

Иахьа, ари ашәарҭа аныҟам аамҭазы, сгәы шаанаго ала, Қырттәыла анапхгара атәылазы ихадоу азҵаарақәа, априоритетқәа аус рыдулара нанагӡар алшоит – Қырҭтәылаеи астратегиатә партниорцәеи Америкеи Евроеидгылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рацәгьахара ҟамларц азы…

Сара сзы ихадоу зҵаароуп Қырҭҭәыла аҭынчра ахьара алшар.

Аҵыхәтәаны, сареи ацҳаражәҳәаҩи ҳаиԥылара сазааҭгылар сҭахуп. ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ лыҳәара инақәыршәаны хәажәкыра 21 рзы имҩаԥгаз ҳаиԥылара хсааҭк инагӡон”, – иануп Биӡина Иванишвили иҳәамҭа аҿы.