Биӡина  Иванишвили – Агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили апрезиденттә институт аамҭала иамырхыз аҳаҭыр шазирхынҳәуа, атәыла ахада лыла атәыла ачарҳәара апрактика аҵыхәа ҧҵәахоит
Биӡина  Иванишвили – Агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили апрезиденттә институт аамҭала иамырхыз аҳаҭыр шазирхынҳәуа, атәыла ахада лыла атәыла ачарҳәара апрактика аҵыхәа ҧҵәахоит

«Агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили апрезиденттә иинститут аамҭала иамырхыз аҳаҭыр шазирхынҳәуа», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы  Биӡина Иванишвили апартиа аофис хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Михаил Ҟавелашивли атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс данықәиргылоз.

Иванишвили иажәақәа рыла, иара агәра ганы дыҟоуп  Михаил Ҟавелашвили атәым мчқәа ракәымкәа, ақырҭуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари рымаҵ шиуа, атәыла апрогресси ақәҿиареи дшацхраауа.

«Аламысра, аиашара, апатриотизм, апринципқәа рызгәыкра  – абарҭ аҟазшьақәа роуп Михаил Ҟавелашвили изы иҟазшьарбагоу. Иара иҟазшьалагьы, иҧшралагьа, ақырҭуа хаҵаҵәҟьа иоуп. Здаҟам аҧшәмеи ҧшьҩык ахылҵ раби иоуп. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, анапхгаратә гәыҧ, еицҿакны, Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс иқәыргыларазы аӡбара аднакылеит. Агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили апрезиденттә институт аамҭала иамырхыз аҳаҭыр шазирхынҳәуа, атәыла ахада лыла атәыла ачарҳәара апрактика аҵыхәа ҧҵәахоит. Агәра ганы сыҟоуп  Михаил Ҟавелашвили атәым мчқәа ракәымкәа, ақырҭуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари рымаҵ шиуа, атәыла апрогресси ақәҿиареи дшацхраауа. Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иаҳасабала ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит  », — иҳәеит  Биӡина  Иванишвили.

Қырҭтәыла ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 14 рзы.