Биӡина Иванишвали «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә кампаниеи аофис хада ҿыци раартра ацеремониаҿ дықәгылеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә кампаниеи аофис хада ҿыци раартра ацеремониаҿ дықәгылеит.
Иара иажәақәа рыла, жьҭааразы Қырҭтәыла ауааҧсыра даҽазнык ражәа хада ҳәаны, Қырҭтәыла аҧеиҧш лаша иадгылароуп.
Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, ҧасатәи алхрақәа рҿы «Амилаҭтә ҵысра» ишаҵахазгьы, «Ақырҭуа гәахәтәы» иахьагьы «аглобалтә анырра амч змоу агентура» ирҿагыланы ақәҧара нарыгӡоит.
«Аколлективтә Амилаҭтә ҵысреи уи адгылаҩцәеи Қырҭтәыла аилаҩынтәра аиҿкаареи аҩбатәи афронт аартреи азы аҵыхәтәантәи ақәҧара мҩаҧыргоит. «Ақырҭуа гәахәтәы рзы уи аҵыхәтәантәи ақәҧароуп Қырҭтәыла аҭынчра арҕәҕәареи, арадикализми аполиаризациеи рҵыхәҧҵәареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә прогресси, амилаҭтә аҳаҭыри рыхьчареи, убри ала Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ахьчареи азы», — иҳәеит Иванишвили.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы «Ақырҭуа гәахәтәы» зеиҧшҟамлац адгылара амоуп, ари апартиа иадгылоит ауааҧсыра 60 наӡына.
«Ихьанҭаӡоу апроблемақәеи иҕәҕәаӡоу ақәыҕәҕәареи шыҟазгьы, аҵыхәтәантәи 4 шықәса рыла атәылаҿ аҭынчра ахьчара ҳалшеит, атәыла аекономикатә ҩынтә еиҕьаҳтәит, Европатәи ахеилак алаларазы акандидат астатус ҳауит. Абри зегьы ҳалшеит ақырҭуа жәлар рҟынтә иҳамаз адгылара абзоурала. Ҳажәлар рыгәҭа адезинформациа шаладырҵәозгьы, ақырҭуа жәлар агха ҟамҵакәа, Қырҭтәыла арыцҳара ду иацәцарц иҟарҵеит“, — иҳәеит Иванишвили.
Иара ишазгәеиҭаз ала, аглобалтә аибашьра апартиа Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра уажәгьы ирҭахуп, убри амшала, Қырҭтәыла акыршықәса рыҩныҵҟа ақәыҕәҕәара ҕәҕәа аҵаҟа иҟоуп.
«Ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар, Украина аасҭа иаҳа акырӡа ихьанҭоу алҵшәа шаиуа. Абри арыцҳара аҽацәыхьчароуп раҧхьа иргыланы аҳасабтә хадас иҳамоу, ари аҳасабтә наҳагӡоит жьҭаара 26 рзы «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира ду ала.
Ҳара шықәсык иҳачҳароуп, убри ашьҭахь Қырҭтәыла иадҳәаланы аглобалтәии арегионалтәии аполиткиатә интеерсқәа рҽырыҧсахуеит. Украина имҩаҧысуа аибашьра шықәсык аҩныҵҟала ихыркәшахоит. Америка ареспубликанцәа аиааира ргар, аибашьра жьҭааразгьы ихыркәшахар ауеит. Уажәазы зегьы реиҳа ихадоу — абри аамҭа ҳхаагароуп, абри аибашьра ашьҭахь Америкеи Европеи рҟны уажәы иҳамоу апроблемақәа иаразнакҵәҟьа иӡбахоит“, адунеитә политикатә хәмарҩцәа зынӡаскгьы даҽакала Қырҭтәыла иахәаҧшуа иалагоит“, — иҳәеит Иванишвили.