„БиБиСи“ – Қырҭтәыла анапхгаратә партиа аҧхьагылара амоуп, аоппозициаа рҳәамҭала, алхрақәа  „рцәырҕьычит“
„БиБиСи“ – Қырҭтәыла анапхгаратә партиа аҧхьагылара амоуп, аоппозициаа рҳәамҭала, алхрақәа  „рцәырҕьычит“

Қырҭтәыла анапхгаратә партиа аҧхьагылара амоуп, аоппозициаа рҳәамҭала, алхрақәа  „рцәырҕьычит“, –  аанацҳаит   „БиБиСи“.

„Қырҭтәыла авторитартә напхгаратә партиа алидерцәа аиааира ргеит ҳәа аарыцҳаит, заанаҵтәи адыррақәа рыла, атәыла европатәи амҩахь зхы рхаз алхрақәа рҿы дара аҧхьагылара ду рымоуп. Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, амиллиардер бизнесмен Биӡина Иванишвили ипартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“  53% аиуит. Заанаҵтәи алҵшәақәа зынӡаск иреиҧшым мраҭашәаратә аҭҵааратә еилахәырақәа имҩаҧыргаз егзитполқәа рылҵшәақәа, аоппозициатә партиа алидерцәа ишырҳәаз ала, дара егзитполқәа рылҵшәақәа рыгәра ргоит,  „ақырҭуа жәлар рбыжьқәа рцәырҕьычит” ҳәа рҳәеит, – иануп астатиаҿы.

Британиа Ауаажәларратә дырраҭараҿы аоппозициатә лидерцәа рҳәамҭақәагьы еиҭарҳәеит.

„Урыстәыла агәылара иҟоу Аахыц Кавказтәи аҳәынҭқарраҿы асабшаз имҩаҧгаз алхрақәа рахь ауаа рацәа инеит, абжьыҭира апроцедураан иҟаз аилагарақәа рацәа ирызку адыррақәа иҟоуп“, –  иануп  „БиБиСи“ аҿы.