Беқаурии Ахалкации Оберварте имҩаҧысуаз атурнир аҿы аиааира ргеит #1TVSPORT
Австриатәи ақалақь Оберварте имҩаҧысуаз иаарту Европа ачемпионат аҿы аолимпиатә чемпион Лаша Беқаури (90 кьыла) шықәсактәи аангылара ашьҭахь аицлабрақәа дырзыхынҳәын, атурнир аҿы аиааира игеит.
Австриатәи атурнир аҿы даҽа қырҭуакгьы, Владимир Ахалкаци (81 кьыла) ахьтәы медаль игеит.
Афинал аҿы Беқаури Австриа ахьӡала иқәгылоз Шамиль Борчашвили даҵаирхеит, Ахалкаци – афранцыз Чилард диааит.
Атурнир раҧхьатәи амш азы Гьаргь Туташвили (66 кьыла) аџьазтә медаль игеит.