Беқа Лилуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" азакәанпроект иарбынзаалак аартыра амаӡам, имҩаҧысраны иҟоу алхарақәа ирыцәшәоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа убас ирыцәшәоит, анырра злароуша азакәанпроект ҿыцқәа аҧырҵоит», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла Беқа Лилуашвили.
Лилуашвили иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект изакәызаалак ак ала афинансыркра аартызаара иадҳәалам.
«Аиҳабыра акоуп изызхәыцуа – рымчра анагӡареи атәыла аҿиара аҧырхагахареи. Жәаҳәарада, ари азакәанпроект урыстәылатәиуп. Ҳара альтернативтә закәанпроект ҳамоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәылаҿ Урыстәыла анырра армаҷра. Дара излацәажәо азакәанпроект изакәызаалак ала ала аартызаара иадҳәалам. Дара апропаганда мҩаҧыргоит. Имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа ирыцәшәоит, уи убарҭоуп ирыдыркыло аӡбарақәа рылагьы», — иҳәеит Беқа Лилуашвили.