Беқа Ҕвиниашвили Қарҭ имҩаҧысуа Ашлем Ду аҿы Қырҭтәыла аизга ахҧатәи ахьтәы медаль азааигеит
Иахьа жәҩык ақырҭуа ӡиудоистцәа Қарҭ имҩаҧысуа Ашлем Ду атурнир афиналашҟа ииасит. 90 кьыла акапантә категориаҿы Беқа Ҕвиниашвили авенгр Кристиан Тота даҵаирхан, ақырҭуа аизга ахҧатәи ахьтәы медаль азааигеит.
Аицлабрақәа рҿы Қырҭтәыла аизга ҩымш рыла 8 медальк аиухьеит – ахьтәы 2 медальки, араӡнытә 3 медальки, аџьазтә 3 медальки.