Беқа Басилаиа - Гортәи агоспиталь ашҟа адепутатцәа инармышьҭыр, Михеил Саакашвили ахәышәтәра даҟәыҵуеит
Беқа Басилаиа - Гортәи агоспиталь ашҟа адепутатцәа инармышьҭыр, Михеил Саакашвили ахәышәтәра даҟәыҵуеит
Адукат Беқа Басилаиа ишааицҳаз ала, Гортәи агоспиталь ашҟа адепутатцәа инармышьҭыр, Михеил Саакашвили ахәышәтәра даҟәыҵуеит.
Басилаиа иажаа рыла, Михеил Саакашвили абҵара 29 рзы имҩаԥысран иҟаоу аӡбарҭатә процесс аҽалархәра иҭахуп.
“Михеил Саакашвили абҵара 29 рзы имҩаԥысран иҟаоу аӡбарҭатә процесс аҽалархәра иҭахуп. Адепутатцәа уи иԥылара алшара рымам, ари аполитикатә изолиациоуп, Михеил Саакашвили аполитикатә усзура алшара ирымҭар ирылшо зегь ҟарҵоит. Ари иадҳәаланы Саакашвили иџьбароу апозициа имаоуп – Гортәи агоспиталь ашҟа адепутатцәа инармышьҭыр, уи ахәышәтәра даҟәыҵуеит. Ари зегьы пинг-понг ахәмарра еиԥшуп,” – иҳәеит адукат.
.