Бенџьамин Ҳадид  - Украина, Молдава, Қырҭтәыла, Мраҭашәаратә Балканқәа, аҵыхәтәантәи рҭыҧ Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу  - Евроеидгыла, европатәи аҭаацәара алахәызаара
Бенџьамин Ҳадид  - Украина, Молдава, Қырҭтәыла, Мраҭашәаратә Балканқәа, аҵыхәтәантәи рҭыҧ Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу  - Евроеидгыла, европатәи аҭаацәара алахәызаара

 

Украина, Молдава, Қырҭтәыла, Мраҭашәаратә Балканқәа, аҵыхәтәантәи рҭыҧ Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу  – Евроеидгыла, европатәи аҭаацәара алахәызаара, уи аиҭакра дуқәа ахылҵуеит, Евроеидгыла аҩныҵҟа ареформақәа мҩаҧгахоит, – иҳәеит Франциа апарламент алахәыла   Бенџьамин Ҳадид.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла аҽырҭбаара иазыхиоуп, аха, уи иалалар зҭаху атәылақәа ачҳара рымазароуп.

«Шәааи, ҳпартниорцәа гәаартыла ираҳҳәап, ари апроцесс аамҭа аҭаххоит, аполитикатә, иара убас, атехникатә ганахьала. Уи иаанагом акыршықәса рыҩныҵҟа имҩаҧгаз ареформақәа баша имҩаҧган ҳәа.  Убри азоуп ахада Макрон европатәи аполитикатә уаажәларра аиҿкаара аинициативала дзықәгылаз, Уи Евроеидгыла альтернатива акәӡам, уи даҽа механизмк ауп, уи абзоурала, ҳгәылацәа, ҳпроектқәа рыла Евроеидгыла аҿаҧхьа иқәгылар рылшоит», — иҳәеит Ҳадид.