Бельгиа акультура жәларбжьаратәи афестиваль  - "Европалиеи" Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы аныҳәатә адкылара мҩаԥган [афото]
Бельгиа акультура жәларбжьаратәи афестиваль - "Европалиеи" Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы аныҳәатә адкылара мҩаԥган [афото]

Бельгиа акультура жәларбжьаратәи афестиваль – “Европалиеи” Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы аныҳәатә адкылара мҩаԥган.

Бриуссель визитла иҟоу Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит.

Иара убас, адкыларахь иааԥхьаз асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Бельгиеи Лихтенштеини рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Вахтанг Махароблишвили, Бельгаитәи аҳра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аџьа Лабибидеи, Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеии.

Раҧхьаӡа акәны, сынтәа Қырҭтәыла, асас тәыла ҳасабала, Акультура жәларбжьаратәи фестиваль  – „Европалиа“ ахы аланархәоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра аланарҵәаз аинформациа ала, афестивль “Европалиа” 2023 шықәса жьҭаара инаркны 2024 шықәса жәабран аҟынӡа нагӡахоит. Сынтәатәи афестиваль Қырҭтәыла иазкуп, уи зеиҧшҟамлац алшароуп Европа аполитикатә центр аҿы Қырҭтәыла европатәи аҭоурыхи, амилаҭтә ҷыдарақәеи, акультуреи раарҧшразы. 

Афестиваль абзоурала, Қырҭтәыла, Бельгиатәи аҳраҿгьы инеизакны Европаҿгьы атәыла иазку  адырра аизырҳареи Қырҭтәыла европатәи акультура аӡыргареи алшоит.