Бакуриани апарк хада аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп
Бакуриани апарк хада аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Амуниципалтә аҿиара афонд Бакуриани аҧсшьаратә парк хада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәнашеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амуниципалтә аҿиара афонд.

Дара ринформациа инақәыршәаны,  10.2 миллион лари иаҧсоу апроект мҩаҧган Адунеи абанк афинанстә цхыраарала.

„Бакуриани аҧсшьаратә апарк хада 8 гектарк аҵакыра амоуп, апарк аҵакырадгьыл ишоуп еиуеиҧшым азонақәа рыла  – аспорттәи, акультуратәи, арекреациатәи зонақәа рыла.

Апарк аинфраструктураҿы иазҧхьагәаҭоуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рҭахрақәа. Иара убас, Амуниципалтә аҿиара афонд Бакуриани аҳаблаҿ  150ҩык ахәыҷқәа рзы иазҧхьагәаҭоу ахәыҷбаҳча аргылара иаҿуп.

Убри адагьы, ахыркәшаранӡа инеихьеит аҧыза-министр иаҧшьигаз апрограмма ,,Ирҿыцу арегионқәа“ аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апроектқәа.

Апрограмма  ,,Ирҿыцу арегионқәеи“ ахәыҷбаҳча аргылареи аҧара азоурышьҭит  Қырҭтәыла аиҳабыра, арҭ апроектқәа ирылаҵоуп  20.2 миллион лари“,  – иануп Қырҭтәыла Амуниципалтә аҿаиара афонд аинформациаҿы.