Бадри Џьаҧариӡе  - Европарламент Қырҭтәылаҿ адемократиатә аиҭакрақәа ирызҿлымҳауп
Бадри Џьаҧариӡе  - Европарламент Қырҭтәылаҿ адемократиатә аиҭакрақәа ирызҿлымҳауп

Бриуссель ҳнапы зҵааҩыз адекларациа иаанагом апартиақәа зегьы реидҵара,  ари адекларациа абыжьқәа рыхьчареи акаолициатә аиҿабыра аиҿкаареи ауп изызку», — иҳәеит апартиа  «Лело» алидер  Бадри Џьаҧариӡе.

Иара иажәақәа рыла,  адокумент знапы аҵазҩыз апартиақәа  алхрақәа раҧхьагьы урҭ рышьҭахьгьы  ирылшо зегьы ҟарҵароуп алхрақәа рыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә аиҳабыра аиҿкаареи азыҳәан.

«Европарламентаҿ иҟоу агәыҧ Бриуссель ақырҭуа оппозициатә партиақәа рҟны аиҧылара еиҿнакааит. Ари аиҧылара хықәкыс иаман мраҭашәара иадгыло ақырҭуа амилаҭтә оппозициа апланқәа рылацәажәара. Ҩымш инагӡоз аиҧылара анҵәамҭаз адокумент ҳнапы аҵааҩит.

Адокумент знапы аҵазҩыз апартиақәа  алхрақәа раҧхьагьы урҭ рышьҭахьгьы  ирылшо зегьы ҟарҵароуп алхрақәа рыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә аиҳабыра аиҿкаареи азыҳәан.

Европарламент Қырҭтәылаҿ адемократиатә аиҭакрақәа ирызҿлымҳауп. Атәыла,  излауа ала ирласны евроинтеграциа амҩа иазыхынҳәыр рҭахуп,  аха,  уи азыҳәан,  хымҧада,  атәыла анапхгара иҧсахтәуп.

Бриуссель ҳнапы зҵааҩыз адекларациа иаанагом апартиақәа зегьы реидҵара,  ари адекларациа абыжьқәа рыхьчареи акаолициатә аиҳабыра аиҿкаареи ауп изызку», — иҳәеит   Бадри Џьаҧариӡе.

Аоппозициатә партиақәа  — «Амилаҭтә ҵысра», «Гирчи», «Ахали», «Лело», «Дроа» ,  «Аҕмашенебели истратегиа» Бриуссель рнапы аҵарҩит аоппозициа акзаара адекларациа.