“Баҭумелебии” “Нетгазеҭии” ршьаҭаркҩы Мзиа Амаӷлобели амлашьра даҟәыҵуеит
“Баҭумелебии” “Нетгазеҭии” ршьаҭаркҩы Мзиа Амаӷлобели амлашьра даҟәыҵуеит, – иануп “Баҭумелеби” аредактор Еҭер Ҭураӡе “Вивамед” аклиникаҿ ажурналистцәа илдырбаз Мзиа Амаӷлобели лышәҟәы аҿы.
“Баҭым, “Агәахәтәы ақалақь” аҿы иҟалаз арыцҳара ашьҭахь – ахәыҷқәа рыԥсра ауп сзыхцәажәо, сгәабзиара аҭагылазаашьа ахцәажәара исцәыуадаҩуп. Арҭ амшқәа рзы, аҳақьымцәа рыцхыраарала, сара акрыфара салагоита. Адгыларазы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аламыс абаандаҩцәа – Ҭемыр Қаҭамаӡеи Николоз Џьавахишвилии. Срыҳәоит урҭгьы амлакра иаҟәыҵырц. Сара аҭакԥхықәра ҷыда сыдуп сҩызцәеи, сколлегацәеи, сҭаацәеи рҿаԥхьа. Сымлашьра шәара шәарԥсыҽыр сҭахым. Шәара сцынхәрасгьы шәықәԥароуп”, – иануп Мзиа Амаглобели лысаламшәҟәы аҿы.
Мзиа Амаглобели 38 мшы дымлашьуан.