Баҭымтәи асқьала ааҭгылеит ЕАШ аҟәарахьчаратә аӷбақәа "Mount Whitney" "Porter-и"
Баҭымтәи асқьала ааҭгылеит ЕАШ аҟәарахьчаратә аӷбақәа “Mount Whitney” “Porter-и”. Хәышықәса рышьҭахь афбатәи афлот афлагман “Mount Whitney” Қырҭтәылаҟа ихынҳәит. “Mount Whitney” ҳтәыла хәынтә иаҭаахьеит, 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы иалагаз аибашьраан агуманитартә ацхыраара аарԥшразы.
Уажәы Баҭымтәи асқьалаҿ аԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥысуеит.
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа аланарҵәеит.
“Авизит Нато адгылаҩцәеи Амшын Еиқәа арегион аҟны апартниор ҷыда – Қырҭтәылеи рыбжьара еизыҟазаашьақәа рҵакы аарԥшра иазкуп. Қырҭтәыла Амшын Еиқәа арегион аҟны аҭынчреи аҭышынтәалареи рганахьала ҳпартниоруп,” – иануп ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.
“Амшын Еиқәа арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыхьчара аус аҿы Қырҭтәыла ихадароу ароль нанагӡоит, Нато азы апартниор гәакьа ауп,” – иҳәеит Нато STRIKFORNATO рԥыза ихаҭыԥуаҩ, адмирал Џьеимс Морли.