Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара еиуеиҧшым атәылақәа рҿы Украина адгыларазы имҩаҧысуа амитингқәа ирыдгылоит.
«Иацы еиуеиҧшым атәылақәа рҿы Украина адгыларатә акциақәа мҩаҧган. Ҳәарада, Баҭымгьы арҭ акциақәа ирыдлоит. Қарҭ иҟалаз арыцҳара амшала акциа ихырҧаны, иахьа имҩаҧаагеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ҳрыдашшылоит. Иахьа даҽазнык иҳҳәар ҳҭахуп Урыстәыла ампыҵахалаҩ шакәу, Урыстәыла ауаҩшьра шынанагӡо, ҳара, аамҭа-аамҭала акциақәа рымҩаҧгара наҳагӡоит», — илҳәеит акциа еиҿызкааз Ленура Мелгазиева.