Баҭым, Косовои Қырҭтәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит
Баҭым, Косовои Қырҭтәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит

Цәыббра 2 рзы Баҭым, Косовои Қырҭтәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит, – иҳәеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак анапхгаҩы Гиорги Ӷибраӡе.

Ӷибраӡе иажәақәа рыла, ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит егьырҭ аспорттә уснагӡатәқәа зегьы.

“Акоординациатә хеилак аҿбара инақәыршәаны, Адунеи ачемпионат аквалификациатә етап аҳәаақәа ирҭагӡаны, цәыббра 2 рзы Баҭымтәи астадион ҿыц аҿы Косовои Қырҭтәылеи рматч ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит. Ахәаԥшцәа рыда мҩаԥгахоит егьырҭ аспорттә уснагӡатәқәа зегьы,” – иҳәеит Ӷибраӡе.