Баҭым имҩаҧысуа акциа алахәылацәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцәҟа ииагара иаҳәоит
«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа, Қарҭ еицтәараны, Баҭымгьы, Аҷара аиҳабыра рхыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргоит.
Акциа алахәылацәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцәтәи ахәышәтәырҭашҟа ииагара иаҳәоит.
«Қырҭтәыла ацивилизациатә дунеи авара игылазароуп, Миша иҧсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭагыланаҵы уи еиҧш алшара ҳауӡом. Европарламент Биӡина Иванишвили иахь ааҧхьара ҟанаҵеит, ҳаргьы аҳәара иқәҳаргылоит Михаил Саакавшили зыҧшра ҟамҵакәа доуижьҭырц», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» аҭыҧантәи алидер Елгуџьа Багратиони.