Баҭым, амшынаҿ иҟалаз аҧжәара иазкны Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит
Баҭым, амшынаҿ иҟалаз аҧжәара иазкны Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит

Баҭым, амшынаҿ иҟалаз аҧжәара иазкны Қырҭтәыла Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, афакт инамаданы ашьаусԥшаара хацыркуа Қырҭтәыла ашьауӷа загәанеидкыла 229-тәи ахәҭаҷ ала.

“Аҳәаатә полициа Аҟәарахьчаратә департамент аусуҩцәа иласу акатерқәа рыла, Баҭыми Ԥуҭи ракваториеи абаӷәазақәеи гәарҭон, Анаклиа аҟынтә Сарԥи аҟынӡа аҟәара амонитоинг мҩаԥыргон. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура иашьашәалоу аҟәшақәа иҷыдоу адронқәа рыла амониторинг мҩаԥыргоит.

Арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы абри еиԥш афактқәа аҭыԥ рыман Амшын Еиқәа иаҵанакуа егьырҭ атәылақәа рҿгьы.

Ҵыԥх, Болгариа Амшын Еиқәа аҳәаатә оккрдинациатәи аинформациатәи центри Ҭырқәтәыла амилаҭтә акоординациатә центри рҟынтә адырра ҳауит Амшын Еиқәа атәылақәа амшынтә рқәыԥшылараҿ (Ҭырқәтәыла, Румыниа, Болгариа, Украина) аминақәа шыԥшааз, ашторм аан аминақәа Қырҭтәыла аҳәаатә қәыԥшыларахь шиасыз.

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амшын ма аҟәараҿы идырым аобиект рбар, зыԥшра ҟамҵакәа иашьашәалоу амаҵзура “112” адырра арҭар”, – иануп аҳәамҭа аҿы,

Иацы Баҭым амшынаҿ аҧжәара ҟалеит.