Азинхьчаҩцәа Қарҭ, Пекин амҩадуаҿ   «Қырҭтәыла абанк» афилиал арҳәразы ахара зду ауаҩҧсы дааныркылеит 
Азинхьчаҩцәа Қарҭ, Пекин амҩадуаҿ   «Қырҭтәыла абанк» афилиал арҳәразы ахара зду ауаҩҧсы дааныркылеит 

Ваке-Сабуртало аполициа адепартамент аусбарҭа хада аусзуҩцәа, аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, Қарҭ дааныркылеит арҳәреи закәандарала абџьар аахәареи аныҟәгареи азы ахара зду,  1999 шықәсазы ииз И. Д. 

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 4 инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра. 

«Аусҧшаара ишышьақәнаргылаз ала, сынтәа ҧхынҷкәын 14 рзы, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы  «Қырҭтәыла абанк» дыҩналан, акассирцәа бџьарла дрықәмақаруа, аҧара рымхны, дыбналеит.  Азинхьчаҩцәа иара сааҭқәак рышьҭахь дааныркылеит. Ацәгьауаҩ абџьари иҕьычыз аҧареи идбалоуп», — аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.